Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба, Евразиатәи Аилазаара (Берлин) ахантәаҩы, аполитолог Александр Рар иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аилазаара имҩаԥнагаз Қьырсаныҳәа ахәылԥаз лхы алалырхәит. Аусмҩаԥгатә 2024 шықәса аихшьаалақәеи 2025 шықәсазтәи ԥхьаҟатәи азԥхьагәаҭақәеи ирызкын.
Хьыбла Амҷба Қьырсаныҳәа ахәылԥаз аҿы дықәгылеит. Германиа иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Евразиатәи Аилазаареи уи аҩызцәеи ас еиԥш иуадаҩу аамҭақәа рзы ирзеиӷьалшьеит акыр зҵазкуа аусқәа қәҿиарала рымҩаԥгара, иааиуа 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу апроектқәа рынагӡара, аҭынчра ҭышәынтәала.
Евразиатәи Аилазаара (Берлин) еицырдыруа аполитикцәеи, адипломатцәеи, ажурналистцәеи, аҵарауааи, акультура аусзуҩцәеи злахәу атематикатә хәылԥазқәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥнагоит.
Хьыбла Амҷба Евразиатәи Аилазаара имҩаԥнагаз (Берлин) Қьырсаныҳәа лхы алалырхәит
8 December 2024 79