2025 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы Приднестровиа иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМА Иреиҳаӡоу Ахеилак ахада Александр Коршунови аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылараҟны итема хаданы иҟан 2025 шықәса жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны ахада иалхрақәа.
Александр Ватаман Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала Александр Коршунов ааԥхьара ииҭеит жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу атәыла ахада иалхрақәа рҿы анаԥшҩыс дҟаларцаз.
Аиԥылара алахәылацәа азхьаԥшра арҭеит Приднестровиеи Аԥсни 2025 шықәса алагамҭазы ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ. «Аԥсны ибзиаӡаны еилыркаауеит иахьазы Приднестровие аенергетикатә кризис ахь икылызгаз амзызқәа. Аԥсны анапхгареи ауаажәларреи Приднестровиа анапхгареи Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилаки аиҳабыреи русмҩаԥгатәқәа ирыдгылоит. Дарбанызаалак Аԥсны ауаҩԥсы иаарласны ари ауадаҩра алҵра шәзеиӷьеишьоит, аџьа бзиа избо, згәы ҭбаау Приднестровие ауааԥсыра ирықәнагахаша аԥсҭазаара иазыхынҳәырц иҭахуп», — ҳәа иҳәеит Ватаман.
Иара убасгьы Александр Ватамани Александр Коршунов Аԥсни Приднестровиеи еиуеиԥшым актуалтә хырхарҭақәа рызҵаарақәа ирзааҭгылеит.
