Приднестровие иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровие аҵарадырра аминистр Светлана Иванишинеи реиԥылара азы

Приднестровие иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровие аҵарадырра аминистр Светлана Иванишинеи реиԥылара азы
23 May 2025 54

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҵарадырра аминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҵарадырра аминистр Светлана Иванишиниеи ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит.

Аҵарадырра аусхк аҿы, харатәи алахәхаразы алшара ззыҟоу ашколхәыҷқәа еицырзеиԥшу апроектқәа (аҵаратә, аҭоурыхтә, аҟазаратә) налаҵаны 2025–2026-тәи аҵарашықәс азы аусеицура иалацәажәан.

Уаанӡа, лаҵара 6 азы, Аҟәа ақалақь аҿы Александр Ватамани Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи еицымҩаԥгахараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рзы ажәалагалақәа разырхиареи апланқәа реиқәыршәаразы онлаин-еиԥылареи рзы еиқәышаҳаҭхеит.

Светлана Иванишина ари аԥшьгамҭа дадгылеит, аҭоурыхтә дунеихәаԥшышьақәеи аҵарадырратә системақәеи шеицырзеиԥшу азгәалҭеит.

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҭагылазаашьа аманы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: