Лаҵарамза 5, 2026 шықәса рзы Берлин имҩаԥысит Европа аенергетикатә сектор аҿы аенергетикатә шәарҭадареи уажәтәи аҭагылазаашьеи рызҵаарақәа ирызкыз «Евразиатәи ауаажәларра» (Eurasien Gesellschaft e. V.) еиҿнакааз ауаажәларра-експерттә еимак-еиҿактә еиԥылара.
Ауснагӡатә атема: «Аенергетикатә кризис: урыстәылатәи анефҭи агази рыда изалшома?»
Аиҿкааҩцәа рнаԥхьарала аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аимак-аиҿак аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан Германиа аенергетикатә џьармыкьа аҭагылазаашьа, афымцамчҭаҩгақәа рыхәԥса ааглыхра анырра аҭара, иара убас аенергоресурсқәа иҭышәынтәаланы роура алыршара аԥеиԥшқәа рызҵаарақәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Вольфганг И. Хәыммель – аекономикатә зин азы адукат, германиа-урыстәылатәии германиа-украинатәии апроектқәа рымҩаԥгараҿы шықәсырацәалатәи аԥышәа змоу. Иқәгылараҿы иара далацәажәеит аенергетикатә џьармыкьа уажәтәи аҽеиҭакрақәа рзинтәи рекономикатәи анализ, иара убас Германиа ааглыхратә инфраструктура азы иҟалар зылшо ашәарҭарақәеи ахҟьаԥҟьақәеи.
Аиԥылараан, зҽызыԥсахуа архитектура аамҭазы, европатәи аенергетикатә џьармыкьа аенергетикатә политикеи, аекономикатә ҭышәынтәалареи, жәларбжьаратәи аусеицура аԥеиԥшқәеи рызҵаарақәа рзы аекспертцәеи аусутә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи ргәаанагарақәа реимдара мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә иаарту адискуссиатә ҟазшьа аман, аексперттә еилазаара ахаҭарнакцәа, аиуристцәа, аекономистцәа, аенергетика аганахьала аспециалистцәа еизнагеит.