Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит иналукааша апоет, афашизм аҿагылара афырхаҵа Муса Џьалиль дахьыршьыз аҭыԥ аҿы иҟоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
Ацеремониа иалахәын Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Нечаев, Берлин иҟоу урыстәылатәи адипмиссиеи Аурыс ҩни русзуҩцәа, Германиа инхо аҭаҭарцәа руаԥшь ахаҭарнакцәа, уи анапхгаҩы Венера Вагизова, Берлин ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.
Аусмҩаԥгатә анацизм иалаӡызи афашизм аҿагылара афырхацәеи ргәалашәара аҳаҭыри апатуқәҵареи аныԥшуа имҩаԥысит.
Муса Џьалиль – аҭаҭар совет поет, 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа далахәын. 1942 ш. дытҟәан, аха анацисттә бахҭа аҩныҵҟаҿгьы иқәԥара иациҵон, атҟәацәа рыбжьара маӡалатәи афашизмҿагыларатә гәыԥ аиҿкааҩцәа дыруаӡәкхеит. Иумҭақәа рзы ашьра иқәҵаны нанҳәа 25, 1944 шықәсазы Берлин, Плетцензеиа абахҭаҿы дыршьит. Данҭаха ашьҭахь Муса Џьалиль Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан.