Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахада Иауз Аҭрышба, Анталиа иҟоу Аԥсуа культуратә Центр ахантәаҩы Шамиль Махариа Акультуратә центр анапхгара алархәны Аԥсны аӡыргара мҩаԥыргеит аԥсабареи аспорти бзиа избо Рыклуб «Торос» (TODOSKAR) аҟны, Анталиа.
Аӡыргараан аклуб алахәылацәа ааԥхьара рырҭеит Аԥсны иаҭаарц, уи аԥсабаратә ԥшӡарақәа рхазы иаадыртырц, амилаҭтә чыси, ибеиоу акультуреи, аԥсуа чеиџьыкеи рдырырц, иара убас аиҩызаратә еимадара ԥхақәа рыбжьарҵарц, Аԥсны еиҳа инарҵауланы адырра роурц.
Ассоциациа ахада Тодокс Угур Болати анапхгара алахәылацәеи ари ааԥхьара адкылара гәык-ԥсыкала ишазыхиоу, ишырҭаху рҳәеит. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аклуб алахәылацәа аԥсныҟа хара имгакәа раара еиҿыркаарц.
Анталиа аусутә елита ахаҭарнакцәа злахәу аклуб TODOSKAR зықьҩык рҟынӡа алахәылацәа ыҟоуп. Аиҿкаара активла аусура мҩаԥнагоит адунеи еиуеиԥшым атәылақәеи арегионқәеи рҿы, адунеи аҿы аспорттә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит, ашьаҟауаа рныҟәарақәа (атрекинг), арафтинг, ашьханыҟәара, ахра ахалара реиԥш иҟоу.