Ажәабжь ҿыцқәа
Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.
25 June 2021 622
Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи ирзырхаз Аԥсныи Урыстәылеи ркомиссиа аԥшьбатәи аиԥылара хыркәшахеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Карабобо амҵан аибашьраан игаз аиааира 200 шықәса ахыҵра инамаданы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура «Россия сегодня» ашьаҭаркра 80-шықәса ахыҵра аколлектив ирыдиныҳәалеит.
Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла рашәара 21 азы. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аграждантә уаажәларреи.
2021 шықәса рашәара 14 азы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩадатлантикатә алианс азы иактуалу ашәарҭарақәа зныԥшуа аҳәамҭа.
Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит.
2021 шықәса рашәара 9 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Аахыҵ Кавказ иҟоу ОБСЕ ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Анника Сиодери рԥылара.