2024 шықәса абҵарамза 25 азы Боливариантәи Аҳәынҭқарра Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра 204 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа даҭааит.
Аусмҩаԥгатә Каракас ақалақь аҿы иҟоу Амилаҭтә Пантеон аҿы имҩаԥысит.
Ацеремониа рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рнаԥхгаҩцәеи, Венесуела Атәылахьчара аминистрра, аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа, егьырҭ асасцәа.
Аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра ауаҩытәыҩсатә зинқәеи адунеизегьтәи агуманитартә зинқәеи рҭоурых аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит, уи Симон Боливари амаршал Антониа Хосе де Сукреи рнапхгареи рыхараԥшреи ирылҵшәоуп, Венесуела ажәлар ргуманисттәи рпацифисттәи ҟазшьа аанарԥшуеит.