2025 шықәса рашәара 5 азы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Латинтәи Америка Карибтәи аекономикатә Система Иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Амаӡаныҟәгарҭа (СЕЛА) ацҳаражәҳәаҩ Кларенс Ендара инапхьарала, CEЛA ашьаҭаркратә документ – Панаматәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра 50 шықәса ахыҵра ихы алаирхәит.
CEЛA еснагьтәи амаӡаныҟәгаҩ, ацҳаражәҳәаҩ Кларенс Ендара иқәгылараҿы Латинтәи Америкеи Карибтәи амшынҵакыра атәылақәеи рзеиԥш проблемақәа рыӡбареи, еиҳа ииашоу, иҷыдоу, еиқәырхагоу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аргылареи рзы ихадоу афактор – арегионалтә интеграциа аганахьала СЕЛО иамоу агәазыҳәара даҽазныкгьы иазгәеиҭеит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит CEЛA иалахәу аҳәынҭқаррақәа, Венесуела аккредитациа змоу адипломаттә корпус, ахылаԥшратә усбарҭақәа, егьырҭ асасцәа.

