Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос диԥылеит.
Адипломатиатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа еимырдеит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуреи ҩ-ганктәи аиныррақәеи рызҵаарақәа рганахь ала.
Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос агәра ииргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра шазыхио ԥхьаҟагьы астратегиатә усеицура аиҵыхра аинтерес зызрымоу ахырхарҭақәа рҿы аизыҟазаашьақәа рырҿиара.
Карлос Рафаель Фариа Тортос иҳәеит иахьатәи аамҭазы,
Венесуелагьы Аԥсынгьы аекономикатә санкциақәа анырныруа атәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа еиҳагьы ишырӷәӷәалатәу.
Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа ҟәанда аманы.
Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос диԥылеит
22 July 2022 433