2025 шықәса цәыббрамза 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд азы акоординациатә еилацәажәара рхы аладырхәит.
Аилацәажәараҿы 2025 шықәса абҵарамзазы иазыԥхьагәаҭоу араунд азҵаарақәа инарҭбааны ирылацәажәеит.
Аиԥылараҿы, ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, егьи аганахь ала, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азакәантә ҭакԥхықәра змоу Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ала, Кавказ ашәарҭадара ахәдықәҵара ӷәӷәа аҭара ахымԥадатәра шьақәнарӷәӷәеит.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд азы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы акоординациатә еилацәажәаразы
9 September 2025 142