Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәыла Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь адныҳәаларатә шәҟәы рышьҭит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
«Урыстәыла Амш – милаҭрацәалатәи Урыстәыла ажәлар зегьы еидызкыло акзаареи агәадуреи ирсимволуп. Иахьа, Урыстәыла адунеизегьтәи аиашареи аҭышәынтәалареи рзы ақәԥараҿы аԥхьатәи ацәаҳәаҿы иангылоу, акзаареи, апатриотизмреи, атрадициақәа рызиашареи аҳәынҭқарра аҿиараҿы ихадоу ароль нарыгӡоит.
Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп есышықәса еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо аҭоурыхтә, акультуратә, адоуҳатә еимадарақәа. Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҟоу аимадара ӷәӷәа, насгьы агәра ганы ҳаҟоуп ҳусеицура еиҳагьы ишыҵаулахоу, аиҩызареи аилибакаареи рырӷәӷәара ишацхраало».