Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:
«Урыстәылатәи Афедерациа – зқьышықәсала зҭоурых дуу, милаҭрацәалатәи аилазаара еиқәырханы иаазго тәылоуп. Миллионҩыла ауаа Урыстәыла ԥсадгьылны иршьоит.
Ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа уадаҩ ианысыз Урыстәылатәи Афедерациа иахьа адунеи аҟны иналукааша, амч ду змоу тәылоуп.
Рашәара 12 – ари ажәлар ракзаареи рдоуҳатә беиареи ирныҳәоуп. Иара убри аамҭазы иаҳгәаланаршәоит абиԥарақәа рышьҭреимдара.
Абри аныҳәамш аҽны, Сергеи Виктор-иԥа, азин сышәҭ Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьарц аҭынчреи ақәҿиарақәеи».
Даур Ақаҩба Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

12 June 2019 940