Ажәабжь ҿыцқәа

30 April 2026 41
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу МГИМО Адипломатиатә академиа амагистратура апрограммақәа рҭаларазы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит:
Мшаԥы 29 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет 4-тәи акурс астудентцәеи реиԥылара.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иакьыԥхьыз 2025 шықәсазтәи аҳасабырба Қырҭтәыла ажәытә идеологиатә догмақәа рҽырцәыхьчареи ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьақәа обиективла ахәшьара рыҭареи шзалымшо даҽазныктәи шьақәырӷәӷәароуп. Адокумент жәашықәсала еизыргаз, аполитизациа зызуу аклишеқәеи апропагандатә штампқәеи реизгоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет адискредитациеи иаанхо арегионалтә ҭышәынтәаламзаара амзыз иашақәа идырны реицакреи хықәкыс иамоуп. Ақырҭуа ган «ампыҵахалара» иазкны ишьақәырӷәӷәам атезис атираж аҟаҵара иаҿуп, идырны иазхьаԥшуам Аҟәеи Москвеи реизыҟазаашьақәа аԥсуа жәлар рхы иақәиҭны ргәаҳәареи рхатәҳәаақәҵаразы рзини шьаҭас измоу зформат наӡоу аҳәынҭқаррабжьаратә партниорра аҟазшьа шрымоу.
29 April 2026 56
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба имшира идныҳәалоит.
Мшаԥымза 27, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала аҭынчра ахьӡала аганрацәареи адипломатиеи Жәларбжьаратәи рымш азгәаҭара иазкыз аконференциа ихы алаирхәит.
Мшаԥымза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәылеи Китаии рыбжьара астратегиатә партниорра аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 30-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа ихы ала ирхәит.
27 April 2026 60
Мшаԥы 27 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәлар Рдипломатиа Ацентр ахаҭарнакцәа: анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ, аҵаратә проектқәа Рдепартамент анапхгаҩы Валери Мановицкаиеи аҵаратәи акультуратәи проектқәа рменеџьер Софиа Ҳагԥҳаи идикы
Мшаԥы 24 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци РОО "Ростовтәи Аԥсуа диаспора" ахантәаҩы Виктор Ҳашбеи реиԥылара.
27 April 2026 55
Олег Барцыц ихы алаирхәит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан анацистцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи асовет жәлар ирзыҟарҵаз агеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш иазкыз аусмҩаԥгатә.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала атәыла ахьыԥшымра алаҳәара 216 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: