Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихы алаирхәит ашәҟәы «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихы алаирхәит ашәҟәы «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара
13 July 2026 60

Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихы алаирхәит ашәҟәы «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара.

Ашәҟәы азлырхиеит ААУ апрофессор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла Екатерина Бебиаԥҳа. Олег Барцыц Екатерина Бебиаԥҳа илыдиныҳәалеит ашәҟәы аҭыҵра, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аԥшьбатәи атом ахыркәшаратә ажәа аҩразы иоуз алшаразы.

"Зегь раԥхьаӡа иргыланы Екатерина Гьаргь-иԥҳа лепохалтә џьа ахыркәшара зегьы иҳадысныҳәаларц сҭахуп: 4 шәҟәык, 45 шықәсатәи аџьа, даара аҵакы змоу аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара ахәҭа аиқәырхаразы хацәынмырхатәи аусура. Екатерина Гьаргь-иԥҳа лџьабаа иабзоураны астатистикатә цифрақәа рыԥсы ҭалеит ауаа рҭоурыхқәа рҿы. Арҭ аҭоурыхқәа цәажәоит уаҩра зламыз арепрессиақәа ирҭашәаз ҳџьынџьуаа рҭынхацәа, рыуацәа, рхылҵшьҭрақәа, рмаҭацәа рыбжьқәеи рыблақәеи рыла», ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Сара сзы даара ҳаҭыр ақәуп аԥшьбатәи ашәҟәы ахыркәшаратә ажәа аҩра ахьсыдыжәгалаз. Сара ари ашәҟәы анаасыртуа агәыхыҭхыҭра адагьы, аџьшьареи аҭакԥхықәра дуи сызцәырҵуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Урысшәалеи аԥсышәалеи иҭыжьу ари ашәҟәы автортә сериа «Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз» аԥшьбатәи томуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: