Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Џьансеҭ Казанԥҳа лыԥсҭазаара лалҵраз адышшылара рзыҟаиҵеит лыуацәеи лҭынхацәеи.
Адышшылараҿы иҳәоуп:
«Џьансеҭ Казанԥҳа аԥсуа диаспореи шьамтәылатәи ажәлари инарылукаашаз лакәын, аҭынчреи аиашареи рзы лхы дегӡомызт.
Апатриотизм иаша, ахықәкы анагӡара ацәхьамҵра, агәашьамх ду – Џьансеҭ Казанԥҳа ԥсабарала лшьа-лда иалан, Аԥсны, Шьамтәыла, урҭ рынҭыҵгьы деицырдыруа дҟарҵахьан. Лара еснагь иаалыкәыршаны иҟаз рзы дҵәатәышьаҟан, дарӷьажәҩан. Аҵыхәтәантәи лымшқәа рҟынӡа Шьамтәыла ашәҭыкакаҷра аус лџьабаа адылҵон».
Аԥсны ААР Џьансеҭ Казанԥҳа лыԥсҭазаара лалҵраз адышшылара ҟанаҵеит
5 May 2022 1050