Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба никарагуатәи иколлега Денис Роналдо Монкада Колиндрес иахь аҳәамҭа наишьҭит Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп:
"Иахьатәи амш ҳтәылазы акраҵанакуеит - цәыббра 3 2008 шықәса рзы Никарагуа Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рзин ишадгыло аанарԥшит. Уи ашьаҿа ҟарҵеит дара рхада, Аԥсны аҩыза бзиа Хосе Даниель Ортега Сааведра раԥхьа днаргыланы.
Аҩ-республикак рыбжьара аполитикатә диалог аҿиара амоуп, агәыӷрагьы ааҳарԥшуеит ҳусқәа зегьы ҳтәылақәа реизыҟазаашьа шеиӷьыртәуа, ишдырҿио ҳполитикатә диалог».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба никарагуатәи иколлега Денис Роналдо Монкада Колиндрес иахь аҳәамҭа наишьҭит
3 September 2023 358