Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 30 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
Адышшылараҿы иаҳәоит:
«Ари игәымбылџьбарадоу 1992 шықәсазтәи ацәгьоура иагьа шықәса ҵыргьы приднестровиатәи ажәлар ргәаҿы ишыҟац, имӷьаӡо хәраны иаанхоит.
Зҭахцәеи згәакьацәеи зцәыӡыз зегьы рхьаа рыцеиҩаҳшоит. Ҳхырхәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҿаԥхьа».
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 30 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит
19 June 2022 787