Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адныҳәалара азыҟанаҵеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Приднестровиатәи адипломатиеи еилыкка иаанарԥшуеит азанааҭ адырреи аҟазареи рыҩаӡара ҳарак.
Ҳара ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьыԥшымразы ақәԥара иуадаҩыз аамҭақәа рзы ишьаҭаркын, урҭ аԥышәара ӷәӷәақәа ирхысит.
Иахьа ҳара ҳҳәынҭқаррақәа ииашам ахымҩаԥгашьа аазырԥшуа, ҳҩызахара иашьҭам атәылақәа иҟарҵо ақәыӷәӷәарақәа ирҿагылоуп.
Иахьа адәныҟатәи амчрақәа рҟынтәи асеиԥш иҟоу аамҭақәа рзы Приднестровие аинтересқәа рыхьчаразы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылоуп. Аԥсны, ҳаиашьаратә Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи амчрақәа рҟынтәи иаиуа ақәыӷәӷәарақәа гәымшәарыла ишырҿагыло иашьклаԥшуеит, уи азы агәҭынчымра рызцәырҵуеит».