Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
11 February 2025 82
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Урыстәылатәи адипломатиатә школ еснагь ахьӡ ду аманы иҟан ипрофессионалу, зыжәлари зыԥсадгьыли бзиа избо, атәыла адәныҟаполитикатә курс аларҵәаразы зхы иамеигӡо акадырқәа рыла. Иахьагьы, адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны ахьӡ-аԥша аизҳаразы.

Иахьа, Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи рыбжьара иуадаҩу аиҿагыларатә ҭагылазаашьақәа раан, адипломатиатә усбарҭа аусзуҩцәа Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы рыхьчареи, иҿыцу, ииашоу адунеизегьтәи аиҿкаара ашьақәгылареи рҿы ихадоу ароль нарыгӡоит.

Ауаатәыҩса зегьы рзы ари акрызҵазкуа аамҭазы Аԥсны Урыстәыла зықәгәыӷша  ҩызаны иазыҟоуп, ус иагьаанхоит. Агәра ганы ҳаҟоуп аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳарак аринахысгьы ишыӷәӷәахо ҳҳәынҭқаррақәа рзы хра злоу акы акәны ишыҟало».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: