Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар иакымкәа-иҩбамкәа аԥышәарақәа шырхыргахьоугьы акы иаҵахом рфырхаҵареи ргәыӷәӷәареи ирыбзоураны. Ақырҭуа агрессор иҿагылараҿы иӡрыжәхаз ажәлар ҿырԥшыгоуп еиҵагыло аҿари ԥхьаҟатәи абиԥарақәеи рзы.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ажәларқәа ешьаратә жәларуп. Абри амш аҽны инаҷыданы иаҳгәалаҳаршәоит арыцҳара амш азы ацхыраараз иҳадгылаз.
Ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, агәабзиара, аизҳазыӷьара».