Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь
21 April 2019 1204

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ишрыдышшыло атәы зҳәо ашәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, уи атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы. Адышшыларатә шәҟаҟны иаҳәоит:

«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы гәалсра дула ирыдашшылоит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит шәыжәлар зҭадыргылаз ахлымӡаахра, акгьы зхарам аҭынч уааԥсыра рҭахара", - аҳәоит ашәҟәаҟны.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изеиԥшразаалак атеррористтә актқәа ирҿагылоит, иарбанзаалак ауаа ықәызхуа, аҭынчра ҵызшәаауа актқәа ирықәыӡбоит» ҳәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: