Аԥсны АдәАР Урыстәыла АдәАР ахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы

Аԥсны АдәАР Урыстәыла АдәАР ахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы
10 February 2026 31

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа урыстәылатәи адипломатиа аглобалтә зҵаарақәа рҿы аҳаҭырқәҵареи ииашоу азнеишьеи алнакаауан, уи ахаҭарнакцәа хьаҳәхьачарада аԥсадгьыл аинтересқәа рзы рықәԥара адунеи зегьы азы иаԥсоу ҿырԥшыган.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьоит Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәылақәа реизыҟазаашьаҿы аиашьареи аидгылареи рыпринципқәа иахьрыдгыло».

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәрагара аанарԥшит ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы ҩ-ганктәи аинырра аринахысгьы арҵаулара шымҩаԥгахало азы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: