Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны  Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иира амш идиныҳәалеит
23 June 2026 84

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ аураҿы шықәсырацәалатәи шәымҩеи, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла шәалахәреи, аҭакԥхықәра зцу шәҳәынҭқарратә усуреи рзы шәколлегацәеи шәџьынџьуааи ҳаҭыр ду шәықәырҵоит. Урыстәылатәи Афедерациаҿы аҷыдалкаатә зинмч змоу Аԥсны Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала шәара шәлагала дууп аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәареи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара астратегиатә партниорреи русқәа рҿы.

Шәара шәхаҭалатә ҟазшьақәеи, шәзанааҭтә ԥышәеи, аҳәынҭқарра аинтересқәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаареи, азеиԥш ус ҭакԥхықәрала шәазнеиреи адипломатиатә маҵзура аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара иацхраауеит».

Олег Барцыц Алхас Кәыҵниа изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, инымҵәаӡо аԥсҭазааратә гәамчхара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: