Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иира амш идиныҳәалеит
1 July 2026 37

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Шәара, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак иҳасаб ала шәусура аԥсуа диаспореи шәареи шәеимадарақәа рырӷәӷәареи, агуманитартә усеицура арҿиареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа аҳәаанырцә раларҵәареи рҿы шәлагала дууп. Шәзанааҭдырреи, шәҭакԥхықәреи, шәус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи ирыбзоураны қәҿиарала имҩаԥысуеит ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хаҿра аиқәырхареи аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи шәареи шәеинырра арҭбаареи ирзырхоу аԥшьгарақәа.

Ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыр арӷәӷәареи, аиҩызаратә еимадарақәа рырҿиареи, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы инхо ҳџьынџьуаа реидкылареи ирызку шәџьабаа".

Олег Барцыц Ибраҳим Аҩӡба изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, амчхара ду, аихьӡара ҿыцқәа, атәыла аизҳазыӷьаразы аҭакзыԥхықәу иусураҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: