Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит

Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит
16 May 2025 77

Шьамтәылатәи Арабтәи Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

“Гәахәара дула Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҿы шәыҟазаара инамаданы гәык-ԥсык алатәи адныҳәалара шәзынаҳашьҭуеит.

Исымоу алшара схы иархәаны, Шәара шәаҳаракыра, шәнапы иану аҭакԥхықәрақәа рынагӡараҿы агәабзиареи, аманшәалареи, ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьар сҭахуп, иара убасгьы агәыӷра сымоуп шәара сареи ҳаицхырааны аҩ-тәылак рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура арҵаулареи ҳалшап ҳәа”.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: