Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцба лиубилеи лыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцба лиубилеи лыдиныҳәалеит
5 December 2025 77

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иануп:

"Шәара, акы иаламҩашьо шәыбжьы ԥшӡа, шәышәаҳәашьа, амузыка шышәныруа адунеи зегьы аҿы шәзыӡырыҩцәеи шәколлегацәеи рыбжьара шәыхьӡ-шәыԥша ҭыргоит.

Амузыкатә ҟазара аҿиараҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Убри инамаданы, ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп, шәара имҩаԥыжәго "Алиса Гыцба Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра-алабораториа”. Згеографиа қәҿиарала аҽырҭбаара иаҿу ари аицлабра аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аҿиараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтәи анагӡаҩцәа ҿарацәа рылшарақәа раарԥшразы акыр ихәарҭоуп.

IV "Алиса Гыцба Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабра-алабораториа" абаҩхатәра ҿыцқәа ҳзаанарԥшит, зегьы ҳзы игәахәараз музыкатә ныҳәахеит.

Агәра ганы сыҟоуп, аҟазаратә ҩаӡара ҿыцқәеи, аинтерес зҵоу апроектқәеи, иаԥсоу ақәҿиарақәеи шышәзыԥшу.

Ҳаҭыр зқәу Алиса Шьалуа-иԥҳа, ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, инымҵәаӡо арҿиаратә мчхара, аҭаацәаратә насыԥ.

Иарбанзаалак шәроль ҿыц агәахәареи агәырӷьареи шәзаанагалааит, шәзанааҭтә мҩаҿы шәҟазара бзиа избо шәзыӡырыҩцәеи шәҩызцәеи рыбзиабара шәыцзааит".

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: