Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
“Аԥсны даара ахә ҳаракны иршьоит ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рҿы иаашәырԥшуа апринциптә позициеи, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рырӷәӷәараҿы шәлагала дуи.
Шәара, иахьа Урыстәыла зеиԥш ҟамлацыз ақәыӷәӷәара анамоу, жәларбжьаратәи аренаҿы ӷәӷәала атәыла аинтересқәа зыхьчо адунеи аҿы иналукааша адипломатцәа шәреиуоуп. Шәара шәбаҩхатәреи шәҟәыӷареи ҵа змам аҳаҭырқәҵареи аџьшьареи узцәырыргоит.
Ҷыдала, гәыкала, исгәалашәоит иҳаҩсыз ашықәс жьҭаара ԥшьба рзы Москва ҳаиԥылара. Уи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара агәреибагаратә диалог арӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа етапны иҟалеит. Шәара аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы ихадоу азҵаарақәа иаартны, ҵакыла рылацәажәара шәахьазыхиоу, иара убасгьы, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аганахь ала иҳамоу азнеишьақәа ракзаара, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара заҟа иӷәӷәоу, ганрацәала иҟоу даҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит.
Ари акыр зҵазкуа абри амш аҽны агәабзиара зҩыда, ҵыхәаԥҵәара змам амчхара, аизҳазыӷьара шәзеиӷьасшьоит”.