АИХ-қәа рзы адырра

АИХ-қәа рзы адырра
8 August 2025 323

17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 7-8 руха, адунеи иахыҵәеит ажәабжь – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ҭынч ацәа иалаз Цхинвал ақалақь бзарбзанла иалахысуа ажәылара мҩаԥнагеит ҳәа. Ари ҵаҵӷәы змамыз агрессиа шәҩыла аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаара иалнахит, арегион ауааԥсыра зегьы ргәаҵаҿы ӷьашьа змам ахәра ӷәӷәа азааннажьит.

Жәашықәсала ахалахатәҳәаақәҵара азин иазықәԥоз Аахыҵ Уаԥстәыла, 2008 шықәса нанҳәамзазы, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иамоу агәазыҳәара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит.

Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз агәымшәара, Урыстәылатәи Афедерациа изаамҭанытәны иҟанаҵаз аҭак иалдыршеит Қырҭтәыла агрессиа аанкылара. 2008 шықәса нанҳәамза 26 азы Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азханаҵеит, уи алагьы аҭоурыхтә иашара еиҭашьақәнаргылеит.

1992-1993 шықәсқәа рзы иҟаз ахҭысқәа бзианы издыруа Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла аешьаратә жәлар ишрыдгылоу аанарԥшуеит.

Ари алахьеиқәра амш аҽны ҳара ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит хара змамкәа зыԥсҭазаарақәа ҿахҵәаз, Аахыҵ Уаԥстәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз зегьы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: