Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
1 March 2026 69

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аҿиара зҿлымҳарыла иацклаԥшуеит, агәҭынчымра аанарԥшуеит Еиду аштатқәеи Израили Иран аҵакыра иарҭо ажәыларақәа ирыхҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Уажәтәи аамҭазы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи уахьынтә дырра ҟамлаӡацт. Аескалациа азонаҿы иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа рхыԥхьаӡаразы ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа макьаназ иҳамаӡам.

Аҭагылазаашьа амониторинги иаауа адыррақәа ранализи мҩаԥысуеит урыстәылатәи ҳколлегацәа иҳарҭо аинформациа ҳасаб азуны.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: