32 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы иҟалеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа ихлымӡааххаз арыцҳара.
Урыстәыла Аҳаирмчқәа рвертолиотқәа ҩба – Ми-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа ргон агуманитартә реис аҳасаб ала.
Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз авертолиот МИ-8 ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иаехсны икарыжьит. Аракета ҭырҟьан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар ирымпыҵакыз аҵакыраҟынтә. Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак апресс-маҵзура адырраҿы иазгәаҭан: «Иахьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса асааҭ 16:39 рзы, ианыҵԥраа ашьҭахь 12 минуҭ ааҵуаны, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа згоз авертолиот МИ-8 аракета «адгьыл-ажәҩан» ала иаехсын. Авертолиот ашьха қыҭа Лаҭа ааигәара икаҳан иԥжәеит. Авертолиот иҭаз апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 20-ҩык ахәыҷқәа, зцәазтәымыз аҳәса, абыргцәа, ахәцәа. Арыцҳара ду ҳәҳәабыжьҵас иахыҵәеит Аԥсны ахи аҵыхәеи».
Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәеи аекипажт ҭахеит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи 8-ҩык зцәазтәымыз аҳәсеи.
Уаҩра злам ари ацәгьоура ахааназ хашҭра ақәӡам.
Абри амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит харада иҭархаз, рыуацәеи рҭынхацәеи ргәыхь рыцеиҩаҳшоит.
Лаҭатәи арыцҳара иаланҵәаз ргәалашәара ахааназ ҳажәлар ирхамшҭуа, абиԥарала еимырдоу гәалашәараны иҟазаауеит
Ԥхынҷкәын 14 – Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәаар Амш

14 December 2024 74