2018 шықәса лаҵара 29 азы Шьамтәылеи Аԥсни наҟ-ааҟ дасу рхьыԥшымрақәа азхаҵаны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.
- 2018 шықәса цәыббра 4 азы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит;
- аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәан аус ауеит аекономика, ахәаахәҭра, аҭҵаарадырра, атехника русхкқәеи атехникатәии акультуратәии усеицуразы Аицеилак;
- аиҳабырабжьаратә еиныррақәа рыԥкаанҵа аҽарҭбаауеит апроект ҿыцқәа рыла, иӷәӷәахоит аиқәшаҳаҭра-зинтә база.
2018 шықәса лаҵара 29 азы Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит

29 May 2022 357