17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса цәыббрамза 9 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Ари ашьаҿа ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларазы азакәантә шьаҭа аԥҵара алнаршеит.
Асуверенитет азхаҵара аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу актны иҟалеит, ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аанартит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара ганрацәалатәи аусеицура аҿиаразы алшарақәа ҿыцқәа цәырнагеит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара инарҭбаау азинтә шьаҭа шьақәгылеит, уи аполитикатә, ахәаахәҭратә, аекономикатә, акультуратә, агуманитартә хырхарҭақәа рҿы аусеицура ахаҭабзиаратә ҩаӡара ҿыц ахь анеира алнаршеит.
Аԥсны азы Урыстәылеи иареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҷыдала аҵак ду амоуп. Ари аӡбра ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵаразы акыр зҵазкуа шьаҭаны иазыҟалеит, ашәарҭадара азы игәрагоу хәдықәҵарахеит. Аԥсны асуверенитет аҿиареи арӷәӷәареи аус аҿы злагала ду ҟазҵо Урыстәыла иааиԥмырҟьаӡакәа иҳанаҭо адгылара ахә ҳаракны иаҳшьоит.
Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, иахьазы ишьақәгыланы иҟоу аҳәынҭқаррабжьаратәи усеицура асистема аринахысгьы алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызареи апартниорреи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа
9 September 2025 88