Абҵара 18 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр ҿыц Инал Арӡынба дыдирдырит.
Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Даур Ақаҩба Арӡынба Инал Бату-иԥа
Инал Бату-иԥа Арӡынба диит 1990 шықәса, ԥхынгәы 26 рзы, Аҟәа.
2007 ш. – Аҟәатәи абжьаратә школ №10 далгоит.
2012ш. – Амилаҭ-ҭҵааратә университет «Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол» адунеитә економикеи адунеитә политикеи рфакультет далгоит.
2012ш. – аҭҵааратә гәыԥ «Аҿартә стратегиа-2020» анапхгаҩы; Амилаҭ-ҭҵааратә университет «Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол» адунеитә економика Ассоциациа ахада; 2010-2012шш. рзы Амилаҭ-ҭҵааратә университет «Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол» аҟны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аконференциақәеи афорумқәеи 30 реиҿкааратә еилакы ахантәаҩы.
2012 ш. – Урыстәылазегьы аҿы имҩаԥгаз алыԥшаара аихшьаалақәа рыла Вашингтон имҩаԥысуаз асаммит "Молодежная восьмерка" аҿы Урыстәыла аделегациа ахадас далхын.
2013ш. – Санкт-Петербург имҩаԥысуаз асаммит "Молодежная восьмерка" аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аделегациа ахадас дыҟан; Лондон имҩаԥысуаз асаммит "Молодежная восьмерка" аҿы Урыстәыла аделегациа ахадас дыҟан. Урыстәылатәи Афедерациа ахада В. Путин аҿартә саммитқәа рхыркәшатә декларациа иирдырит.
2012ш. –БРИКС аҿартә саммит ацшьаҭаркҩы.
2012 – 2013шш. –акорпорациа «Росгосстрах» ахада иабжьгаҩ.
2013-2018шш. – Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭаҟны аус иуан (аконсультант, абжьгаҩ хада, ИАР иалоу атәылақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Алада Уаԥстәылатәи Ареспублика асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аус рыцуразы Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы).
2017ш. – Урыстәылатәи Афедерациа ахада иусԥҟала Инал Арӡынба ианашьоуп УА аҳәынҭқарратә бжьагаҩ иаша 3 акласс ичын (афедералтә ҳәынҭарратә тәылауаҩтә маҵзурауаа иреиҳаӡоу ргәыԥ акласстә чын ԥсраҽнынӡа иранаршьоит, аинрал-маиор ичын иақәшәоит).
2018ш. – УА ахада иҟынтә аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп 2017 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы аҿари астудентцәеи XIX Адунеизегьтәи рфестиваль азыҟаҵараҿ илшамҭақәа рзы.
2017ш. – Урыстәылатәи афедерациа ахада иҟны иҟоу жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиа ишьақәнаргылаз Евроазиатә Еидгыла атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи аҿар раԥхьагылаҩцәа рреитинг даԥхьагылоуп.
2018ш. – Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриарх иҟны иҟоу Аилак ахантәаҩы.
2017 шықәса рзы иара иаԥшьигеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аиҿкаара. 2020 шықәса рзы иаԥиҵеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура".
2021 шықәса инаркны иара, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иеиԥш, анапхгаҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭара иазку аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" ҳаҭыр зқәу ахантәаҩыс дыҟоуп.