Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ЕАР Адунеизегьтәи афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ЕАР ацхраараз Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисови реиԥылараан Инал Арӡынба ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала ашәҟәы ишьҭит. Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ЕАР аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиҭарц ааԥхьара ҟаиҵоит, уи ЕАР Ассамблеиа хадаҿы имҩаԥысуа аимак-аиҿак алахәхара алнаршоит ҳәа азгәаҭаны.
Қырҭтәыла ААР Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ЕАР Адунеизегьтәи афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ЕАР ацхраараз Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисови реиԥылараан Инал Арӡынба ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала иҟаиҵаз аҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит. Қырҭтәыла ААР ари адәныҟаполитикатә шьаҿа иҵоурамкәа азхьаԥшра анаҭеит, «аоккупациатә режим ашьаҿа ҿыцқәа аҽазныкгьы ихуаадахоит» ҳәа ахнаҳәааит, агәыӷрагьы аанарԥшит «адунеитә еилазаара Қырҭтәыла асуверинитети аҵакыратә акзаареи азханаҵап» ҳәа.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада иахь инашьҭымҭа иазырхоу ахымҩаԥгашьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҭак хҳәаа анаҭеит.
Асеиԥш иҟоу «игәыҵкапу» аҭак иаанаго Аахыҵ Кавказ ашәарҭадара аиҿкаара амҩа анылара аҭахымхароуп, иара иаанарԥшуеит Қарҭ аицәажәара ишазыхиам, иагьшаҭахым Аахыҵ Кавказ иахьатәи аамҭазы ишьақәгыланы иҟоу аполитикатә реал ҿыцқәа рбара ҳәа.
Ақырҭуа дипломатцәа аҽазныкгьы иргәаладыршәеит ООН аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиура алзыршо ООН Ассамблеиа хадоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәым ҳәа.
«Қырҭтәыла иалшоит Аԥсны адунеитә еилазаара ахааназгьы иазханаҵом ҳәа агәрагара амазарц, аха Ассамблеиа хада алахәылацәа аӡбрақәа анрыдыркыло еснагь Қарҭ абжьы иазыӡырҩуеит ҳәа агәрагара ахәҭам, иагьақәгәӷтәым» ҳәа аҳәоит Аҟәа аофициалтә позициа.
Қарҭ агәыӷра аанарԥшит, иагьақәгәыӷуеит «адунеитә еилазаара Қырҭтәыла асуверинитети аҵакыратә акзаареи азханаҵап» ҳәа. Аха адунеитә еилазаара ушьҭа еилнакаар ахәҭоуп Қырҭтәыла Аԥсны адунеижәларбжьаратә ҭахкааразы иалшо зегь шыҟанаҵо, ишаԥнаҵо хыԥхьаӡара рацәала агуманитартә ҟазшьа змоу апроблемақәа, атәылауаа рзинқәа шеиланаго ҳәа азгәарҭеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.
Уи адагьы Қарҭ ганкылатәи апозициа еснагь адгылара аҭара Қырҭтәыла аконфронтациатә ҭаххара иаднацәылоит, жәларбжьарала иазхаҵо аиҿцәажәаратә механизм – Женеватәи аиҿцәажәарақәа, рҳәаақәа ирҭагӡаны аказкылсра иаԥырхагоуп ҳәа рҳәоит Аԥсны ААР аҿы.
Борисовы Инал Арӡынбеи реиԥылараан хаҭала иазгәаҭан ООН аусдҵа хадақәа иреиуаны ишыҟоу, иара Аԥҟаԥҵәа шьаҭаны ишазыҟоу – амилаҭ дуқәеи амилаҭ маҷқәеи рзинқәа еиҟараны рызнеира.
Аԥсны ААР Аԥсны ООН ахь иҟанаҵаз аҳәамҭа аганхь ала Қарҭ ахымҩаԥгашьа гәыҵкапроуп ҳәа ахнаҳәааит
11 February 2022 936