2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Аиԥылараҿы аганқәа алацәажәеит еиҳа иактуалны иԥхьаӡоу амч ахамырхәаразы аицҳәамҭа аҟаҵара азҵаара. Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит абри азҵаараҿы адинамика аҟазааразы еицманшәалоу азнеишьақәа шыԥшаатәу. Аха ақырҭуа делегациа адиструктивтә позициа акыр шықәса ари азҵаара шьшьылаҳауа иаанагоит. 51-тәи аиҿцәажәарақәа рраунд аҿгьы ақырҭуа ган абри адокумент адкылара шхымԥадатәиу ирзақәмыршаҳаҭит.
Ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-ауаԥс ҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы, ақырҭуа ган ада иҭышәынтәалоу, ахылаԥшра змоу ауп ҳәа ахырҳәааит.
Аԥсуа ган аиҿцәажәара алахәылацәа азхьанарԥшит Егры аӡиас алатәи аҳәаа изакәанымкәа ахысрақәа аҭыԥ шрымоу.
Ҷыдала иазааҭгылан Гал ақалақь аҿы МПРИ аусура аиҭахацыркра. Аԥсуа ган иазгәанаҭеит ари жәларбжьаратәи амеханизм аусура ахацыркра ишадгылаҩу, иара амшхәаԥштә аҿы наҟ-ааҟгьы аинтерес зызрымоу азҵаарақәа ирылацәажәозар.
Аԥсуа, аурыс, ауаԥс ганқәа аҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит Қырҭтәыла НАТО алахаларазы иааҟәымҵӡакәа имҩаԥнаго аҽазышәарақәа рганахь ала.
Иазгәаҭан ари аҭагылазаашьа Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи шыҵнашәаауа.
Агуманитартә зҵаарақәа рзы аусутә гәыԥ ргәаанагарақәа еимырдеит аҵара, аныҟәара уҳәа егьырҭ актуалтә проблемақәа рзы.
Изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 52-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2021 шықәса хәажәкыра 23-24 рзы.