Ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалбеи аиԥылара рыман.
Гарри Кәыпалба Даур Ақаҩба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иеиҭаҟаҵара, изеиӷьеишьеит иусураҿы ақәҿиарақәа.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалба Даур Ақаҩба днеиԥхьеит Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазку аныҳәатә уснагӡатә ахь, иара убасгьы Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ахада Вадим Красносельски ихьӡала Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анаԥхьаратә шәҟәы ииҭеит.
Даур Ақаҩба Гарри Кәыпалба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ааԥхьара иҟаиҵаз азы, иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аусура шьахә, агәыӷра ааирԥшит ԥхьаҟазы русеицура аҿиара шаиуазы.
Аиԥылара алахәылацәа иара убасгьы аҳәынҭқаррабжьаратә еиныррақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иалацәажәеит.