Ԥхынҷкәын 20 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылара.
Аганқәа алацәажәеит аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа, ҩ-ганктәи амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит Аԥсны асоциал-економикатәи агуманитар-культуратәи усхк аҟны ганрацәалатәи ацхыраара амҩаԥгара ишазыхио.
«Аԥсны ҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит атәыла ашәарҭадареи асоциал-економикатә ҿиареи рҟны иҟашәҵо адгыларазы» ҳәа иҳәеит аиԥылараан Инал Арӡынба.