Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран ҳәа иԥхьаӡоу Нодари Владимир-иԥа Возба иааиуа аныҳәа идиныҳәалеит.
Аминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟынтәи Нодари Возба дидныҳәалеит.
Олег Барцыц иазгәеиҭеит: «Иԥшьоу Аиааира Амш – аветеранцәеи атыл аусзуҩцәеи ҷыдала ҳаҭыр рықәҵара, аибашьра адәаҿы иҭахаз ргәалашәара ирымшуп», ҳәа.
«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭран ҳаҟам аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан адунеи анацизм иацәызыхьчоз, аҭынчреи ахақәиҭреи ҳзаазгаз ргәымшәар. Урҭ рфырхаҵара ԥсра ақәӡам», ҳәа иҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада.
