Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит

Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит
29 May 2025 62

2025 шықәса лаҵара 29 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи 14 шықәса ҵит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Џьгьарда ақыҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.

Сергеи Уасил-иԥа ихьӡ Урыстәылатәи Афедерациеи Латынтәи Америка атәылақәеи Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала разхаҵара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: