Ԥхынгәы 27 азы Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Густаво Поррас Кортес инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ауснагӡатә далахәын. Ауснагӡатә Акоманданте Уго Чавес диижьҭеи 68-шықәса аҵреи Акоманданте Фидель Кастро дзаԥхьагылаз Монкада аказармақәа ржәылара 69-шықәса ахыҵреи ирызкын.
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Густаво Поррас Кортеси Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи еиԥылеит.
Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ауснагӡатә далахәын
28 July 2022 646