Марттәи ажәыларатә операциа мҩаԥысижьҭеи 32 шықәса ҵуеит

Марттәи ажәыларатә операциа мҩаԥысижьҭеи 32 шықәса ҵуеит
15 March 2025 66

Иахьа Марттәи ажәыларатә операциа мҩаԥысижьҭеи 32 шықәса ҵуеит.

1993 шықәса хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Аҟәа ақалақь ақырҭуа ир рҟынтәи ахақәиҭтәразы аоперациа мҩаԥыргеит.

Аԥснытәи Арбџьармчқәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара астратегиатә ҳаракырақәа ааныркылеит, аха хәажәкыра 17-18 рзы имҩаԥысыз ашьаарҵәыратә еибашьрақәа рышьҭахь, урҭ уаанӡатәи рпозициақәа рахь ихьаҵыр акәхеит.

Марттәи ажәылараан Аԥснытәи ар рҟынтәи 222-ҩык ҭахеит, шәҩыла ауаа рхәит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан арҭ амшқәа зегь реиҳа ихьанҭаз, ишьаарҵәыраз амшқәа иреиуоуп.

Урҭ атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара иазкны есышықәса ареспублика иахьаҵанакуа амемориалқәеи иҭахаз аибашьцәа рнышәынҭрақәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: