Игор Мураҭ-иԥа Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы адипломатиа аҿиараҿы иналукааша хаҿуп, азинмчы змоу Ахаҭарнакра, анаҩс Урыстәылатәи Афедерациаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьақәыргылара ахыҵхырҭаҿы игылаз уаҩуп.
Игор Мураҭ-иԥа, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аофициалтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи астратегиатә усеицуреи аиҩызареи аринахысгьы рыҿиареи рырӷәӷәараҿы ихәҭаа дууп.
Ари акырзҵазкуа амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Игор Мураҭ-иԥа иира Амш идырныҳәалоит, изеиӷьаршьоит анасыԥ, агәабзиара зҩыда, аманшәалара.
Иахьа иналукааша адипломат, уаанӡа адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз, Урыстәылатәи Афедерациаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу актәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Мураҭ-иԥа Ахба имшира азгәеиҭоит

5 February 2025 98