Аԥсны АдәАР аҳәамҭа

Аԥсны АдәАР аҳәамҭа
26 June 2025 206

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит 30.06.2025ш. азы амчра заураны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ирыдыркылаз Ақәҵара No1510 «Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи Урыстәылатәи Афедерациа ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аԥышәара амҩаԥгаразы» (07.11.2024ш.) аганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭыз азыҳәа аҭакс адырраҭара шааз.

Урыстәылатәи аган иҟанаҵаз адыррақәа рыла, аԥышәара ахатәгәаԥхаратә ҟазшьа амоуп, ақәҵара инақәыршәаны атәылахь аҭаларазы ихарҭәаау арзаҳал аҟамзаара аҳәаатә гәаҭара амҩаԥгара ианыруам, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь анеира мап ацәкразы ҵаҵӷәны изыҟалом.

Абри инадҳәаланы Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: