Қырҭтәыла апропагандатә ҵаратә проектқәа рганахьала Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа

Қырҭтәыла апропагандатә ҵаратә проектқәа рганахьала Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа
20 June 2026 52

Қырҭтәыла имҩаԥган ашколхәыҷқәа рзы изаамҭанытәиу арҵаратә проект — аицлабра «Аԥсныҟа саныхынҳәуа» захьӡу.

Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иҿыцу аԥшьгамҭаны иҟам – ари Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхтә хҭысқәеи аҳәынҭқарреи еицакны рыдкылара ашьақәыргылара иазырхоу Қырҭтәыла шықәсырацәалатәи аполитика аелементқәа иреиуоуп. Иарбоу апроектгьы адеструктивтә усура хыԥхьаӡара рацәала аҿырԥштәқәа ируакуп.

Алозунгқәа: «аҭынчра», «адиалог», «ақьырсиантә беиарақәа» фактла аҿар ганкахьалатәи аполитикатә шьақәгылашьақәа рыдыргалоит, урҭ хықәкны ирымаҵәҟьоу ақырҭуа ҿар иԥсабаратәымкәа иаԥҵоу амифологиатә ҵакыраҿы рааӡароуп. Аԥсны иаҿагыланы ашьаарҵәыратә еибашьра хацзыркыз абиԥара, ишьақәгылаз аполитика-зинтә ҭагылазаашьақәа разхаҵара мап ахьацәыркуа адагьы, аобиективтә ҭоурыхтә фактқәа еиҳагьы еицакны уаҵәтәи абиԥарақәа рыдгалара иаҿуп.

Аҿар мчыла амц рыларыӡҩоит. Қырҭтәыла иҟоу иахьатәи абиԥара ҿа Аԥсны иаҿагыланы аибашьра хацзыркыз арадикалтә знеишьақәа шьҭа ирыцеиҩыршом.

Ус шакәугьы, иарбоу аидеологиа иԥсабаратәымкәа аихаҳара иаҿуп. Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш рационалла ахәаԥшра ашьақәыргылара ацынхәрас, ақырҭуа идеологцәа аҿар инагӡам рреваншисттә политика иамыруганы разыҟаҵара рҽазыршәоит.

Ас еиԥш аҭоурыхтә гәалашәара апропагандатә конструктқәа рыла аԥсахраз аҽазышәарақәа, Қырҭтәыла аибашьра ахацыркразы аҭакԥхықәра азхаҵара шаҭахым изаамҭанытәиу шьақәырӷәӷәароуп.

Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы Қырҭтәыла аганахь ала аҭынчраз агәҭакқәа рыҟазаара зырҵабыргуа акызаҵәык ауп – Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала арратә мчы ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо адокумент анапаҵаҩра.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: