Инар Ладариа Боливиа ахьыԥшымра аиура ҩышә шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит

Инар Ладариа Боливиа ахьыԥшымра аиура ҩышә шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит
7 August 2025 252

Ареспублика Никарагуа иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистрра-абжьгаҩ Алиас Аибеи Боливиа ахьыԥшымра ҩышә шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит. Аусмҩаԥгатә Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра азал Сандино аҿы имҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Никарагуа иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа адипломатиатә миссиа анапхгаҩы Диего Родригес Камачо, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аиҳабыратә усбарҭақәеи, амуниципалтә усбараҭқәеи рхаҭарнакцәеи, Никарагуа аккредитациа змоу адипломаттә корпус ахаҭарнакцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: