Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылаҟа иусутә ныҟәараан Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Попова дылԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит Урыстәылеи Аԥсни коронавирустә инфекциа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҳәаанырцәынтә аинфекциа аламгаларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа иара убасгьы ԥхьаҟатәи ршьаҿақәа аԥкырақәа раԥыхраз.
Иалыршоуп заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь рааразы аҭыԥ аҿы амониторинг еицымҩаԥгазарц.
Роспотребнадзор ԥхьаҟагьы аԥсуа ган аконсультативтәи аматериал- техникатәи цхыраара аҭара ишазыхио, атест-системақәеи ареагентқәеи коронавирустә инфекциа диагностиказ раагара шымҩаԥнаго азгәаҭан.