Олег Барцыц Елена Шмелева лымшира лыдиныҳәалеит.

Олег Барцыц Елена Шмелева лымшира лыдиныҳәалеит.
3 October 2025 114

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Афедералтә ҵакыра «Сириус» Ахеилак ахантәаҩы, аҵарадырратә Фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы Елена Шмелева лымшира лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Шәара шәзанааҭтә напхгарала, амҽхак дуқәеи амбициақәеи змоу апроектқәа рынагӡарала, Афедералтә ҵакыра «Сириус» аҵаратәи аинновациатәи аԥшьгамҭақәеи русхк аҿы ԥхьагылаҩны иҟалеит.
«Сириус» абаҩхатәра злоу аҿари, ааӡаҩ-мҩақәҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи рзы ихадоу ҭыԥуп. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи ашколхәыҷқәа хыԥхьаӡара рацәала «Сириус» аҵакыраҿы имҩаԥысуа апрограммақәа рхы шаладырхәуа».

Олег Барцыц Елена Шмелева илзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, лусураҿы акыр зҵазкуа аихьӡарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: