Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуан адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа 130-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак анаԥхьарала Аԥснытәи аделегациагьы.
Ԥхынгәы 20 азы Аԥсни Никарагуеи реиҳабырақәа рыбжьара 2023 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа Рырограмма рнапы аҵарҩит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа изеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи злахәу аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы.
Ԥхынгәымза 6 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.
Апровинциа Диузџье аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутат Талих Ҳәатышьи реиԥылара мҩаԥысит. Дара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.
Рашәара 27, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раԥхьатәи ахада Мусҭафа Кемаль Ататиурк дыргәаладыршәеит.
Рашәара 22, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi) ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит Стампыл ақалақь аҿы.