Аделегациа аилазаара иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьамал Бганбеи Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Новосибирсктәи аобласт анапхгареи егьырҭ аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәеи рыҿцәажәарақәа азԥхьагәаҭоуп. Аиԥыларақәа рхықәкы хада аԥышәа аимдара ауп. Аԥсны аделегациа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә комплекс «Новосибирсктәи аекспоцентр» иаҭааит.
Сынтәатәи афорум азырхоуп атехнологиатә ԥхьаҟацаразы ауснагӡатәқәа ркомплекс инарҭбааны алацәажәара: ЦКП «СКИФ» аусура аларгараз алшарақәа, аҭҵаарадырра-ҭҵааратә инфраструктура ҿыц ашьақәыргылара, аекономика аҭҵаарадырратә лҵшәақәа ирццакны ралагалара, аԥыжәара змоу аусхкқәа кадрла реиқәыршәара, аҭҵаарадыррахь аҳәынҭқарратәи ахатәи инвестициақәа реизырҳара, абаҩхатәра злоу аҿар аинновациатә усура ралархәра, иара убас аиҩызаратә тәылақәа рҟынтәи апартниорцәа радыԥхьалареи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыҿиареи.
Аусмҩаԥгатә иалахәуп 70 инареиҳаны Урыстәыла асубиектқәа рхаҭарнакцәа, иара убас Беларуссиа, Китаи, Ҟазахсҭан, африкатәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациақәа, уи ҩ-ганктәи адиалоги аԥышәа аимдареи рзы ашьаҭа бзиа аԥнаҵоит.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә комплекс «Новосибирсктәи Аекспоцентр» иаҭааит, уаҟа аԥхьагылара змоу аусхкқәа жәпакы ртәы еилыркааит.
Аԥсуа ган Новосибирсктәи аобласт аус ацура арҭбаара ишазҿлымҳау аанарԥшит, аҭҵарадырратәи аинновациатәи усхкқәагьы уахь иналаҵаны. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рылахәреи аекспозициа адырреи, аделегациа ахада Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рзы алаԥшҳәаа ҿыцқәа аадыртуеит, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи апотенциалтә партниорцәеи ҳареи ишиашоу аимадара ҳабжьаҵара алнаршоит.